Адианԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Перейти к навигации Перейти к поиску
Ҭамара Кац-иԥҳа Адианԥҳа
Аҳәынҭкарԥҳәыс Ҭамар
Аԥсуа аҳра аҳәынҭқарԥҳәыс
Амаҵураҭыԥ ахь:
жәабранмза 181821 ш. – абҵарамза 301821 ш.
Аԥхьа иҟаз Гьаргь II
Аҭынха Дырмит


Аира 1778
Жәыргьыҭ, Гыртәыла аҳра
Аԥсра 1852
Аԥсуа аҳра
Ахаҵа Гьаргь II

Ҭамара Кац-иԥҳаАԥсҳа Гьаргь иԥҳәыс, Аԥсҳацәеи Дырмити Михаилеи ран. Аԥсуа аҳра раԥхьатәи аҳәынҭқарԥҳәыс[1].

Аҳкәажә Ҭамар Кац-иԥҳа Чачба, зыӡӷабжәлоу Адиан – диит ақ. Жәыргьыҭ аҿы, 1778 шықәсарзы, Агыртәыла ампыҵакҩы-Кац II Адиан ихан аҟны[1]. 90 шш. Рзы маӡала диццоит аҭауад Сафар-беи (Гьаргь) Чачба, Аԥсҳеи Қьалышь-беи, аҳкәажәеи Нино Адианԥҳаи рхылаԥшраан[1]. 1813 ш. анҵәамҭаз Ҭрабзынтәи асерасқьыр, Сулеиман-ԥашьа, ҭырқәтә арр Аԥсны иалиргалеит, Аслан-беи ипартиа ацхыраара аиҭарц азы[2]. Аха асерасқьыр илымшит Аслан-беи ицхраара, Ҭрабзынҟа дхынҳәит. Иалахәыз зегьы аҳамҭақәа ранашьан: Аҳ Сафар-беи(Гьаргь) Чачба арраҿы аинрал-маиор ичын ианашьан, аҳкәажә Ҭамара Кац-иԥҳа илоуит еиҵоу аџьар аҩбатәи аҩаӡара змоу Аԥшьа Екатерина лорден[2].

Аҳкәажә Ҭамар лхаҵа – Аԥсҳа Гьаргь Чачба

Жәабранмза 7 1821 ш., ачымазара иахҟьыны, иԥсҭазаара далҵоит Сафар-беи (Гьаргь II)[1]. Адырҩаҽны, жәабранмза 8 азы, 200ҩык ауаа ааигәа иҟаз Ешыртәи ақыҭантәи аилаҩынҭра ҟарҵарц ицеит[2]. Урҭ аурысцәа ргәыԥ иақәлеит, уи иахҟьаны аӡәы дҭахеит, ԥыҭҩыкгьы рхәит. Иара убри ашықәс жәабранмзазы, А.А. Велиаминов, Леуан Адиан иабжьагарала, Сафар-беи (Гьаргь) иԥҳәысеиба, аҳкәажә Ҭамара Адиан, Аԥсны ҳәынҭқарԥҳәысс дҟаиҵеит.  Уи ашьҭахь Ҳасан-беи Аҟәатәи абааш ахь днарыԥхьоит «аԥсуа усқәа рылацәажәара» - ҳәа ҽыҵгас иҟаҵаны. Гәыҩбарак змамыз Ҳасан-беи дбаандыҩыртәит[3]. Иара убасгьы иуаа, ҩыџьа ҵабалаа, ҳәызбала иршьит. Абас Ҳасан-беи Сибраҟа дахыргеит. Арратә усбарҭа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа ӷәӷәала рҽалагалара ҭауади-аамсҭеи ргәы ԥнажәеит. Ҳасан-беи идгылаҩцәа, хыԥхьаӡара рацәала, аҳкәажә Ҭамара лҟны инеин, ихы дақәиҭыртәырц рҭаххеит. Иҟалаз дацәшәаны, аҳкәажә Ҭамара, ибзианы издыруаз ажәлар рҿы Ҳасан ихаҭара ибзианы ишаҵанакуаз, иаарласны аинрал А.А. Велиаминов иахь, иара убас лашьаиԥа Леуан V Адиан иахь, Ҳасан-беи ихы дақәиҭыртәырц азы дрыҳәон, лԥеиԥш дацәшәаны, насгьы «лабхәанда Ҳасан-беи иҭакра иадҳәаланы, еиҳагьы ауадаҩрақәа ҟалар ҳәа дшәон»[4]. Леуан Адиан иахь, аҳкәажә Тамар илыҩуан:

«Аҟәатәи акомендант Ҳасан-беи дбаандаҩитәит. Аԥсуаа уи адагьы ибааԥсуп, уажәшьҭацәҟьа ихагахеит. Иара(Ҳасан-беи) дыргазар, ирҳәоит дара(аԥсуаа), Аԥсны аҟынтә иқәҵны ишцо ҳәа. Сара Қарҭҟа исыҩҩит ақьаад аинрал Велиаминов иахь, уи исгәакьоу Амаан анагара инапы ианысҵеит. Бзиа сыжәбозар, ирзеиӷьышәшьозар сыеҭымцәа абзиара, усҟан ишәышьҭы сашьа Никәала исалам шәҟәы аҟны, шәашәхалагьы ишәыҩҩыз ақьаад, Ҳасан-беи доурышьҭырц азы. Сысалам шәҟәы нарымгар, усҟан, уи ашьҭахь, сара ара сзаанкылом, аҳаҭыр ақәышәҵа, сыжәга наҟ сареи сыеҭымцәеи»[4].

Аԥсуа ақәгылаҩцәа русқәа рырццакра дахәаԥшуа, Урыстәылатәи аимператор Алықьсандр I, аинрал А.П. Ермолов иҳәарала, Аԥсны анапхгаҩыс, аполковник ичын змоу аҭауад Дырмит (Омар-беи) Чачба, икандидатура дшақәшаҳаҭу. Уи аамҭазы еибахаз аҳкәажә Ҭамар дрыҳәон урыстә хадара, иршәарц апенсион, лхаҵа рыцҳа, Сафар-беи(Гьаргь) ирҭоз, аха А.П. Ермолов игәаанагара ала, ирҳасабеит апенсион, ампыҵакҩы ҿыц иҭара «аҵкыс аҩнтәи аимак-аиҿак ҟалар, аԥара лнапы иануҵар аасҭа». Аҳкәажә лахь ирҳасабеит илыԥсоуаҳамҭақәа ашьҭра[4].

Ҭамареи аҭауад Асланбеии реиқәԥара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1821 ш. ԥхынгәы аҵыхәтәа азы, аҭауад Аслан-беи аамҭала илаҳәараны иаау аҳәынҭқарԥҳәыс Ҭамар лахь инаишьҭоит ицҳаражәҳәаҩцәа, длыҳәоит аиқәшаҳаҭра рнапаҵаркырц, ҭынч Аԥсныҟа аҩсра азы, насгьы ашацәа рзоужьра[4]. Аҳкәажә Ҭамар Аслан-беи иделегациа лыдалкылоит Аҟәатәи абаа аҟны, аиҿцәажәарақәа мҩыԥысуан акомендант Михин илатәазааран. Аделигациа иқәдыргылаз аҳәарақәа мап ацәылкит. Аха Михины лареи рхатә еицәажәараҿ, аҳәара илҭит Лыхнытәи ахан азы ахьчацәа алхра, гәырҭәыла аиаша лҳәеит дшахьаҳәхьачуа лыуаа рыҵабыргазы. Акомендант Михин арратә мчымхра иахьҟьаны, лаҳәара мап ацәикит. Аха аҳкәажә Ҭамар лҭынчразы, Лыхныҟа инарышьтоит адәныцага, лхәычқәеи лареи еиманы Аҟәахь ииаргоит. Амала аҳкәажә илҭахымхаӡеит уа аанкылара «ажәлар умчымхара идумырбарц азы», илҳасабеит кәыдрытәи лмазара ахь адәықәлара. Ашьҭахь, нанҳәа 1 азы, ақәгылаҩцәа иргаз. Урҭ ирылан Росҭом-беии, Ҭаир-беии, насгьы аҭауадацәа Амаршьанааи[4]. Амацәаз аҭақра данақәшәа, аҳкәажә, лыгәрага, лхьыԥшы, ила акомендант Михин ацхыраара лиҭарц диҳәоит. Михин, аҳкәажә ашәарҭа дҭамгыларц азы, иҳасабеит аҵхтә аамҭа азы, аҳкәажә лахь инаишьҭоит адәныцага «Константин», уи аиҳабы алеитинант Хамутов ичартан ахь идикылоит Ҭамареи лхәаҷқәеи[4]. Ақәгылаҩцәа идыршәарц азы, арратә дәныцага акырынтә Гагреи Аҟәеи аԥшаҳәа иԥыԥшуан.

Аҟәаҟа инеит. Акомендант аурыс гарнизон ахьчараҿы акыраамҭа дыҟазарц шиҳәазгьы, аҳкәажә ҩаԥхьа мап ацәылкит, “хыҭҳәаа ҭынчрак” лгәра лнаргеит Аҟәатәи абаагәара аҟынтәи 30 верст рыбжьара иҟоу кәыдрытәи лмазарахь дхынҳәырц. Нанҳәа 21 рзы, аҭауад Аслан-беи кәыдрытә лтәарҭаҿы дгылан. Аҭауад Аслан-беи зықьҩылатәи ирр анырба, Ҭамара лыдгылаҩцәа рыхәҭакгьы, аиҳараҩык, Аслан-беи иганахь ииасуа иалагеит[4]. Ҩымчыбжь инареиҳаны лхала даныҟаз ашьҭахь, Аҳкәажә аблокада дахганы, адәныҟатәи адунеи лыҽлыламырхәкәа[4]. Аҳкәажә лҽанылҭа, дышиҵахаз анылҳәа, цәыббра 11 рзы аҭауад Аслан-беи Аҟәа амацәаз иҭаикын, дук мырҵыкәа Аԥсны зегьы инапаҿы иааникылеит. жьҭаара 21, 1821 ш., аҭауад Дырмит Кәҭешьҟа дааиуеит, анаҩс аҭауад П.Д. Горчаков дицны Аԥсныҟа иҿынеихуеит. Убри аамҭаз, 1821 шықәсазы, жьҭаара 21 рзы, шамахамзар, Аԥсны зегьы аҭауад Аслан-беи инапаҿы иҟан. Аҭауад Аслан-беи, аҭауад Горчоков дышзааигәахаз анеиликаа, Кәыдрыҟа дыццакит, уи иманшәалаз ҭыԥны иԥхьаӡон[4]. 1821 шықәсазы абҵара 1 азы, Мырзаҟан аҳәааҿы, аҭауад Горчаков ажәабжь иоуит, аҭауад Аслан-беи хнызқьҩык ашьхарыуаа иманы Кәыдры ахықәи Кьалашәыр ақыҭеи рыбжьара дгылоуп ҳәа. Аҭауад Аслан-беи хықәкыс иқәиргылеит аурыс ирр Аҟәа иаламларц. Кәыдры аӡиас ахьынтә 4 верст раҟара бжьаны, Никәала Адиан напхгара зиҭоз агыртәылатәи аҽыуаҩцәа, авангард иашьҭаланы инеиуаз, раԥхьаӡа аҭауад Аслан-беи ирр иақәшәеит, ацәыӡ дугьы роуит. Аха дук мырҵыкәа, аҭауад Аслан-беи, иааҟәымҵӡакәа илымҳа ҭызхуаз абзарбзанқәеи, хара ицоз ашәақьқәеи рыхысрақәа рыҵаҟа дхьаҵыр акәхеит[4].

Лԥа, Дырмит, иаҳраура. Аслан-беи иқәгылара.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1821 шықәсазы абҵара 30 азы Соук-су ақалақь аҿы азакәантә ҳәынҭқарс дрылаҳәан аҭауад Дырмит I Гьаргь-иԥа Чачба[4]. Аха уи аԥсуаа ирҭахыз напхгаҩымызт. Уи збызшәеи зқьабзқәеи зхашҭхьаз, аурыстәра змаз аԥсуа иакәын. Аҳкәажә Ҭамара жәабранмза 18 1821 ш. инаркны абҵарамза 30 1821 ш. рҟынӡа (9 мзы) аҳәынҭқарра напхгара азылуан. Дырмит аҳра аниуаз шықәсыкгьы ҵуамызт. 1822 шықәсазы жьҭаарамза 15-16-тәи аухазы, ҩажәа шықәса зхыҵуаз аԥсҳа, аҭауад Дырмит Чачба иԥсҭазаара далҵит[4]. Аҳкәажә Ҭамара лгәы ԥжәаны, аҭауад Горчаков иахь асаламшәҟәы лыҩуеит:

«1822 шықәсазы жьҭаарамза 16 рзы, еиҭаҳәашьа змам арыцҳара сақәшәеит: сԥа дысцәыӡны, саанхеит... 3 ԥаки ԥҳаки рыла. Уажәы сара сшәыҳәоит сыеҭымцәа рыцынхаразы амҩа сышәҭарц, насгьы стәыла анапхгара аҿы шәсыцхраарц. Шәара ишәзымдырӡои, ари адгьыл аҿы ауаа цәгьақәеи аӷьычцәеи шырацәоу, убри аҟнытә сара ишәасҳәоит, араҟа арр рыда ԥсҭазаара шзалымшо...»[5].

Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа иаарласны ахада ҿыц иҟаҵара азҵаара аӡбара аҭахын, избанзар аоппозициа, Аҭауад Аслан-беи ихаҿсахьала, дара ианакәызаалакгьы аҭагылазаашьа рхы иархәаны, Аԥсны аҳәаанырцәтәи аҳра амчра иаҿагыланы ақәԥара ҿыц алагара рылшоит[5]. Агәҭынчымра змаз аҳкәажә Ҭамара, аинрал А.П.Ермолов иахь илҩыз асаламшәҟәаҿы ианын, аҭауад Аслан-беи Ҭрабзын дшыҟаз, арратә мчы еизгаразы азыхәцәа рахь дцарц игәы ишҭаз, убри аҟнытә арратә цхыраара дшаҳәоз азы адырра ҟалҵеит. Кавказ иҟаз арр рнапхгара дырҩегьых иақәшәеит азҵаара ҵаҵӷәыс иамоуп, аҳра зҭынхода? Аԥшаара иалагеит Чачаа раҳҭынра иалаз рсиақәа, аха урҭ аусқәа Имереҭтәи аҳәынҭқар иусмҩаԥгарҭаҿ иуԥылаӡомызт. Соук-Сутәи арратә гәыԥ аиҳабы, аполковник В.О.Бебутов хаҭалатәи рдырра еизигар акәхеит, насгьы урҭ аинрал-леитенант Велиаминов инапы ианырҵар акәын[5]. Ԥыҭрак ашьҭахь Бебутов Велиаминов иахь ашәҟәы иҩуеит, аҳ итәарҭа ҭынхас хадас иҟоу, насгьы зегь реиҳа изааигәоу, иԥсыз Дырмит иашьа-Михаил Чачба шиакәу. Ашьҭахь аҳкәажә Ҭамар лахь иҩҩуеит, лыҷкәын Михаил Аԥсны ампыҵакҩыс дшаарҵо. Убри аан, уи аҳкәажә Ҭамара агәра лиргеит, аҭауад қәыԥш, лара иҟәыӷоу лымҩақәҵарақәа рыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарра анапхгаҩы бзиа иаҳасабала иҵегьгьы далкаара шилшоз – Аҳәынҭқар Ду иахь азиашарала[5].

Лԥа, Михаил, иаҳраура.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1822 шықәсазы лаҵарамза жәибжь рзы Аԥсны ҳәынҭқарс дрыладырҵәеит аҭауад Михаил Чачба[5]. Аҭауад қәыԥш Михаил иаҳра алагамҭа еилаҩынтуан. Изааигәаз аӡәырҩы еилыкка иркын амилаҭтә фырхаҵа аҭауад Аслан-беи иган. Иан, аҳкәажә Ҭамара, “лаамсҭашәам хымҩаԥгашьала, агәахәара змам ауаа рхыԥхьаӡара еиҳагьы иацлеит”[5]. 1827 шықәсазы лаҵарамзазы Агыртәылантәи Аԥсныҟа дхынҳәит аҳәынҭқар Михаил. Аҟәа ҳаҭыр дула дрыдыркылеит. Аурыс еибашьыга ӷбақәа амҩаду аҿы ихынҳәра артиллериатә салам ала иазгәеиҭеит. Лыхны (Сук-Су) даннеи, аҳәынҭқар қәыԥш иаалырҟьаны анхацәа иқәлеит, џьашьахәык ала ауп ианаамҭаз аҳ ируаа анааи, хырԥашьа змамыз аԥсра дацәиқәырхара рылшеит. Рҭагылазаашьа еицәамхарц азы иҟалаз ахҭысқәа зегьы рышьҭахь, аҳкәажә Ҭамареи уи лԥа, Аԥсны Аҳәынҭқар Михаили аҳәаратә шәҟәқәа рышьҭит Урыстәылатәи ачынуаа дуқәа рахь[5]. Урҭ рыҳәарақәа аҭак ҟаиҵеит, адәныҟатәи аусқәа рминистр аграф К.В. Несселроде, уи  аинрал И.Ф. Паскевич иахь изыҩҩуеит, 1827 шықәса рашәарамза 4 азы, аҭауад Ҳасанбеи дызҭаркыз, насгьы дызҭаркыз аилкааразы дҵаауеит. Уи иахҟьаны, хара имгакәа, 1828 ашықәс азы, аҭауад Ҳасан-беи Томскынтә иԥсадгьыл ахь ахынҳәразы азин иоуит. 1834 шықәсазы рашәарамза 17 рзы аҳкәажә Ҭамара лԥа еиҵбы, аҭауад Алықьсандр, иӡбеит маӡала Мырзаҟан ирхынҳәырц.  Уи атәы еилыркааны, аимператор иусбарҭақәа ирыӡбоит Алықьсандр Аԥсны далцарцырц. Рашәарамза 25, 1834 ш. рзы борон Розен аҳкәажә Ҭамар лахь иҩҩуеит:

Аҳкәажә Ҭамар лԥа – Михаил Гьаргь-иԥа Чачба. (1806-1866)
Аҳкәажә Ҭамар лԥа – Михаил Гьаргь-иԥа Чачба. (1806-1866)

«...шәыҷкәын еиҵбы, аҭауад Алықьсандр, иҳаҩсыз рашәарамза 17 рзы, маӡала иҩны аанрыжьны, ԥыҭҩык идгылаҩцәа иманы Ҵабалҟа ддәықәлеит, уаҟа, уажәы сара ишыздырыз, аӷьычцәа ргәыԥ еизиганы Мырзаҟантәи ақыҭақәа дрықәлеит...аҭауад Алықьсандр, абри иҽеим аус ашьҭахь, Аԥсны уаҳа даанхар илшом…»[5].

Аҳкәажә лыҷкәын, Аԥсны аҳәынҭқар, аҭауад Михаил иман хҩык аҳәсацәа. 1829 ашықәс азы Акаиа Аредԥҳа ԥҳәысс дигеит. Ари аҭаацәалазаара ҟалеит аҳкәажә Ҭамара лзин ала, избанзар Акаиа лаҳҭынраҿы дызҳауан[1]. Уи аҭаацәалазаара лҵшәадахеит, Михаил лара лахь ацәаныррақәа имамызт. Аҭаацәалазаара еилеихеит Ҭамара лыпап. 1831 шықәсазы, ҩаԥхьа аҳкәажә Ҭамара лыдҵала, Михаили Акаиеи ианилыҵ ашьҭахь, лаҳәшьаԥҳа Мариам Никәала-иԥҳа Адиан дигарц лыӡбеит[1]. Ачара мҩаԥыргон азакәан иаҿагыланы, ачгара аан. Ахымш рыҽны, аҭауад қәыԥш дцеит, ҿыц еибагаз, лаб иҿы дааныжьны, ҟазшьала иахьеиԥшымыз азы. 1836 шықәса ажьырныҳәамза 18 рзы, Кәыдры ақыҭан, аҭауад Михаили аҳкәажә Алықьандреи рчара мҩаԥысит[1].

1852 шықәсазы аҳкәажә Ҭамар лыԥсҭазаара далҵит, хынҩажәи жәиԥшь шықәса анылхыҵуаз[1].

Ҭамар илыхшеит жәаҩык ахәыҷқәа[1].

  • Мариа (Фатма-ҳаным), (1802-?) - Гәриатәи аҳ Вахҭанг Гуриели ԥҳәысс диман;  
  • Русудан (Инџьы-ҳаным), (1799-1875) – ҵабалтәи аҭауад Бабыш Амаршьан дицын;
  • Екатерина (Ребиа-ҳаным), (1803-о1858) – ҵабалтәи аҭауад Шьырын-беи Амаршан дицын;
  • Елизавета (Есма-ҳаным), (1811-?) – агыртәи аҭауад Гьаргь Џьаиани ԥҳәысс диман;
  • Анна (Дуда-ҳаным), (1816-15.02.1889) - имереҭтәи аҭауад Гьаргь Цулукиӡе ԥҳәысс диман;  
  • Нино (Фида-ҳаным), (1804-?) –гәриатәи аҭауад Гьаргь Гуриели дицын.
  • Дырмит (Омар-беи), (1801-16.10.1822) – ԥҳәыс димамызт;
  • Михаил (Ҳамыҭ-беи), (1806-16.04.1866) - хынтә ԥҳәысс аагара дцон;
  • Константин (Хәыршиҭ-беи), (1813-18.11.1883); ԥҳәысс диман Алықьсандра Комаровеи Наталиеи Матвеи-иԥҳа д'Анлуа де ла Гарде.
  • Алықьсандр (Сулеиман-беи/ԥашьа), (1818-21.12.1875); ԥҳәысс диман Нина Хьрыԥс-иԥҳа Амаршьанԥҳа.
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 1,6 1,7 1,8 http://apsnyteka.org/file/Chikovani_Rod_abkhazskih_kniazey_Shervashidze.pdf
  2. 2,0 2,1 2,2 https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p1,source,web&text=сефербей%20чачба&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MJFLGeIWZ-OPOeVwdfS0meQ,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-_y8LbvG8HkTLqYVb0vgTYngqCTw5aMTIRbqGU8p7To3wGzUuVTUevHHlWAB9uJswMs0t8BxE2CV_zeeDCzm0lZSAh7W-_GLRtAwuIFUfyRiT-bl2T9OF47ciT81aiJq1a680mXd2dhQ044S4a8ClFWwWgkCCRyC6MikEBuhHaAQ1CSX2CMzvQjgnNfIT8YSTzu8sgs0N3-XRZ4VtE_ZDOO6d_c99hsVYbv9mqnuplHTuB2X5OBUzUwEEIKSCbXHqIN1rAP1hfNZKG1PIIU2IUorCWRu34haYED-kSAw4Ezplf0aez8_H7SpcT7H_RI5PjG7SqDXmtytIiWpLp7cHsR7KTSSyq9Sp6CyiicU_lHbqIpgLfzkSSpZIERwNRMlxSUQHtUhvS34I2h9M0i3ZTWyuDLcxL5Vl4Fkd6V5YcVLis0b2e-X5IrnL8j7RT7z3W6Xue8yfEc2QWnj1eFLNv0h4lSwgrOPaOcidoELmTznen_t4HaBnoRZDjUNHwhcvhEN3TRXJ0C7tajJLhnO09Qhe_osVjaYucXAuviZ85YCUUL2gPULVDh5QexsiaF2sCoAIOiq2ZF-ioAs6t643MMSeN5SqXKU72EN_2N9T8wour7kNrYyIABaKK18V345Uk0gCb12y9FKa90BsVSPvXSst2qOgvHCYLr6oybp2LA7KNSQQtlGeNeE7v7u4jMUMBgxPinqBK4XEcjLLxoXLPNsCmeSvQtB20Gsit2WwBNc_00-ptCkVg536VjOHVTlLIZIfn5Dbd2DnTqjlZW4C1YlMOqacCr0BvWWk2jBCiICxf_2--9o2sH5COdDetl9NwKZFdT84cs8G4vJHyYhEin&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLUDZqUkJCZXQyZlV0T25wVnNlTlFIbWhIVXR5Y2E3elJwLWN1SVpnaDVzdV9xeDBoVWZIVG50Ull6cFFuU2t3Z3ktQjUyeXluc1ZmWHc1LW1JcVgtNWZtcVhUM3pKeTR1ayw,&sign=1f8492f2d6a897e688f9b2838c23153c&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ324TB20YdtG9JXwdL1rlTmmRPlnimzY2Xoj48knocdzuu7VUqAaVI6ddQG0_0xQ_wDEoPiQ31SrKHTPAnDN1HcJtEM0P6DQ58yQQo2_UipMP538C22LwzG1KhDKAyIeEENm5-RCFkgSJbEOgIYNs4u82Up3nDeaZo,&l10n=ru
  3. https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=гасанбей&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-_y8LbvG8HkTLqYVb0vgTYngqCTw5aMTIRbqGU8p7To3wGzUuVTUevHHlWAB9uJswMs0t8BxE2CV_zeeDCzm0lZSAh7W-_GLRtAwuIFUfyRiT-bl2T9OF47ciT81aiJq1a680mXd2dhQ044S4a8ClFWwWgkCCRyC6MikEBuhHaAQ1CSX2CMzvQjgnNfIT8YSTzu8sgs0N3-XRZ4VtE_ZDOO6d_c99hsVYbv9mqnuplHTuB2X5OBUzUwEEIKSCbXHqIN1rAP1hfNZKG1PIIU2IUorCWRu34haYED-kSAw4Ezplf0aez8_H7SpcT7H_RI5PjG7SqDXmtytIiWpLp7cHsR7KTSSyq9Sp6CyiicU_lHbqIpgLfzkSSpZIERwNRMlxSUQHtUhvS34I2h9M0i3ZTWyuDLcxL5Vl4Fkd6V5YcVLis0b2e-X5IrnL8j7RT7z3W6Xue8yfEc2QWnj1eFLNv0h4lSwgrOPaOcidoELmTznen_t4HaBnoRZDjUNHwhcvhEN3TRXJ0C7tajJLhnO09Qhe_osVjaYucXAuviZ85YCUUL2gPULVDh5QexsiaF2sCoAIOiq2ZF-ioAs6t643MMSeN5SqXKU72EN_2N9T8wour7kNrYyIABaKK18V345Uk0gCb12y9FKa90BsVSPvXSst2qOgvHCYLr6oybp2LA7KNSQQtlGeNeE7v7u4jMUMBgxPinqBK4XEcjLLxoXLPNsCmeSvQtB20Gsit2WwBNc0_O_OXj5_EoY7XrmOd89PY8RVJDIQp8UUrMJ-hW7nLBpdpttjN9_rtvLnDbZj2Vf8xT4ZvXHb8vAAmvtmq_s9osUTfa0I_sjSNdyKYx1JKM&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLT3A4RFBRYllnUTNMZS01bGlEMUV5OFFwSDRwVF9qR3ZwODFBRDByVV9FdXhlMVdxRkhzbkxJNkhnOVltSm5uOHlhUU0yWS1QdExTVGxOR1BmQmJaZDY1MFJWMnFaNVpsQSw,&sign=2ac0349d491618f42eaa147c90748c25&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zpdchXrzO7rLrSlsxqM8n3mjjj-bjV9xGrTCm1zhkTkRdgOlN1gFc2eDwrIdlBZo5lmC-aW0nHYk6rNFn69maG2GBIxXX1VvsvdN3ZQhn6BG&l10n=ru
  4. 4,00 4,01 4,02 4,03 4,04 4,05 4,06 4,07 4,08 4,09 4,10 4,11 https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=омарбей&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-_y8LbvG8HkTLqYVb0vgTYngqCTw5aMTIRbqGU8p7To3wGzUuVTUevHHlWAB9uJswMs0t8BxE2CV_zeeDCzm0lZSAh7W-_GLRtAwuIFUfyRiT-bl2T9OF47ciT81aiJq1a680mXd2dhQ044S4a8ClFWwWgkCCRyC6MikEBuhHaAQ1CSX2CMzvQjgnNfIT8YSTzu8sgs0N3-XRZ4VtE_ZDOO6d_c99hsVYbv9mqnuplHTuB2X5OBUzUwEEIKSCbXHqIN1rAP1hfNZKG1PIIU2IUorCWRu34haYED-kSAw4Ezplf0aez8_H7SpcT7H_RI5PjG7SqDXmtytIiWpLp7cHsR7KTSSyq9Sp6CyiicU_lHbqIpgLfzkSSpZIERwNRMlxSUQHtUhvS34I2h9M0i3ZTWyuDLcxL5Vl4Fkd6V5YcVLis0b2e-X5IrnL8j7RT7z3W6Xue8yfEc2QWnj1eFLNv0h4lSwgrOPaOcidoELmTznen_t4HaBnoRZDjUNHwhcvhEN3TRXJ0C7tajJLhnO09Qhe_osVjaYucXAuviZ85YCUUL2gPULVDh5QexsiaF2sCoAIOiq2ZF-ioAs6t643MMSeN5SqXKU72EN_2N9T8wour7kNrYyIABaKK18V345Uk0gCb12y9FKa90BsVSPvXSst2qOgvHCYLr6oybp2LA7KNSQQtlGeNeE7v7u4jMUMBgxPinqBK4XEcjLLxoXLPNsCmeSvQtB20Gsit2WwBNc0_O_OXj5_Eor-Y3Ni5PxVX8pcTMVD4MY3e1Od28hHHj-n50nhKfuTJ0n-ZmuPNuj_Hjik10rHhXWHuRiLBq10YJaJ4DInfpH0FZCu3lXxGw&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLT3o4QXg5VWlLQWZIVld3d3pJYTk5Yk4zVzVyZlJ1MzVzdmpoQ25rOXpEZTV3RUhtOTB2XzNRNDlhZ3hRbWgxVElxQndJVFVMbFd0dXdoc3hDUWpCRFQyLVN3eW5GN1FEMGpMVTl3XzU0OC1zQ0dmZ1hKdlV0RGlOdkpCSlhia0p6YUFKMnRUNWJINlEsLA,,&sign=c85c0f8f320a287325ccf1fe81bf195e&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9ztz1wA1iU8CZW2iYd7CFIhbHCgUCdOHODcu87xvMztoQ2SBOZ1G05OEBdfkwEQyufSSvzL44qF8COUVPiDSuBG2m99C3mwwGSA,,&l10n=ru
  5. 5,0 5,1 5,2 5,3 5,4 5,5 5,6 5,7 https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=гумба%20михаил&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-_y8LbvG8HkTLqYVb0vgTYngqCTw5aMTIRbqGU8p7To3wGzUuVTUevHHlWAB9uJswMs0t8BxE2CV_zeeDCzm0lZSAh7W-_GLRtAwuIFUfyRiT-bl2T9OF47ciT81aiJq1a680mXd2dhQ044S4a8ClFWwWgkCCRyC6MikEBuhHaAQ1CSX2CMzvQjgnNfIT8YSTzu8sgs0N3-XRZ4VtE_ZDOO6d_c99hsVYbv9mqnuplHTuB2X5OBUzUwEEIKSCbXHqIN1rAP1hfNZKG1PIIU2IUorCWRu34haYED-kSAw4Ezplf0aez8_H7SpcT7H_RI5PjG7SqDXmtytIiWpLp7cHsR7KTSSyq9Sp6CyiicU_lHbqIpgLfzkSSpZIERwNRMlxSUQHtUhvS34I2h9M0i3ZTWyuDLcxL5Vl4Fkd6V5YcVLis0b2e-X5IrnL8j7RT7z3W6Xue8yfEc2QWnj1eFLNv0h4lSwgrOPaOcidoELmTznen_t4HaBnoRZDjUNHwhcvhEN3TRXJ0C7tajJLhnO09Qhe_osVjaYucXAuviZ85YCUUL2gPULVDh5QexsiaF2sCoAIOiq2ZF-ioAs6t643MMSeN5SqXKU72EN_2N9T8wour7kNrYyIABaKK18V345Uk0gCb12y9FKa90BsVSPvXSst2qOgvHCYLr6oybp2LA7KNSQQtlGeNeE7v7u4jMUMBgxPinqBK4XEcjLLxoXLPNsCmeSvQtB20Gsit2WwBNc1TRRbGQ2tOxqF_73xzuszbrujSnvEAWzi3jmaUVI5JLdXJCVxaT3By7-pCDPwv0G1z2sPlLPgdg_FRqpd5QajdvuAGan3Adz5NGQsga6cri&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLTjJMRVJLekxkVkhXMDdxV01PQmQybTFrNWxBeS1HNmxjc0ZNQVkxeXg3OXN2SDEwaFdvQVUxbXBsY2ZFTW5icDdsMkhISHowaXF0WjhqXzlQRE9WQm4wbzljU19mZHpFT2x4WjYzVUZXLVRpNWl6RDVDNTBVZHpSTzBSQjFhWmNNV25xZFdrbkd5b2lkZFpXV1UxQjhG&sign=2e225bd5d0ede87f8254b3e5e65db093&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zm0Lz8TMFmAK_L-GgzeHcHGM3XCB1EBndvYNYEyzXBvvOr5TV4rUBcaKwVeA5SwV_QEAm_Afqa3JlTn_70w3yd7uDC4SbmQqnRJDpqOelq1RCHInzJgqcOb4uqOIYAA01Q,,&l10n=ru